Асиноптикцәа ишаарыцҳауа ала, лаҵара 16-нӡа амш шәшьуеит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит, аӡиасқәа хыҵыр ауеит.
“Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә ҭыҧқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә)”, — иануп аинформациаҿы.