Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 26 градус иаҟарахоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 26 градус иаҟарахоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра хәажәкыра 30-31 рзы амш зеиԥшрахо адырра алнарҵәеит.

Хәажәкыра 30 рзы Қырҭтәыла регионқәак рҿы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, хәажәкыра 31 рзы атәыла атерриториаҿ иԥхаррахоит.

Қарҭ, хәажәкыра 30 рзы ақәа леир ҟалап, хәажәкыра 31-и мшаԥ 1-и рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Ҽынла аҳауа аԥхарра +20, +22  градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) хәажәкыра 30 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, хәажәкыра 31-и мшаԥ 1-и рзы  атәыла атерриториаҿ иԥхаррахоит.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +24, +26 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) хәажәкыра 30 рзы џьара-џьара аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, хәажәкыра 31-и мшаԥ 1-и рзы атәыла атерриториаҿ иԥхаррахоит.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +17, +22 градус иаҟарахоит.