«Аҕмашенебели истратегиа» ахаҭарнакцәа амедиаторцәа ицәырыргаз адокумент рнапы аҵарҩуеит
«Аҕмашенебели истратегиа», аҭакҧхықәра зду апартиа ҳасабала, ҳгәы ишаанаго ала, уажәазы иҳауз алшара ҳхы иаҳархәароуп, мраҭашәаратә ҳпартниорцәа иҳадаргалаз адокумент ҳнапы аҵааҩроуп, избанзар уи акомпромисстә ҟазшьа амоуп, атәылаҿы аиҭакра дуқәа ралагаразы алшара ҳнаҭоит. Ҳара, акомпромисс ала акризис ҳалҵуеит, мамзаргьы, уи ҳзыҟамҵар, акомпромисс ҳақәшаҳаҭымхар, ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҧырхага азааҳгоит. Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра аиааира ҳасабала узахәаҧшуам, аха, уи аиааиранӡа анеираҿы иҳацхраауеит», — иҳәеит «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе.
Иацы Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент ҿыц аладырҵәеит. Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара иазку адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, сынтәа ҭагалан имҩаҧысуа ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» апропорциатә системала 43 наӡына рмоур, атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.
Иара убас, Шарль Мишель идокумент инақәыршәаны, адокумент анапаҵаҩра ашьҭахь мчыбжьык аҩнуҵҟала аганқәа ҩ-уск ирыхәаҧшроуп.