Агалереиа  «Опизари» аҿы иаадыртуеит ҳаамҭазтәи Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа
Агалереиа  «Опизари» аҿы иаадыртуеит ҳаамҭазтәи Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла агалереиа  «Опизари» аҿы аадыртуеит ҳаамҭазтәи Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа.

Асахьаҭыхҩы Зураб Ҷедиа ишиҳәаз ала, ацәыргақәҵаҿы ицәырыргоит аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла иаҧҵоу  50 усумҭақәа.

Иара иажәақәа рыла, рхатә усумҭақәа цәырыргоит Аҧснынтә ихҵәоу 15ҩык асахьаҭыхыҩцәа.

Абҵара 30, асааҭ  16:00 рзы,  Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла агалереиа  «Опизари» аҿы иаадыртуа ацәыргақәҵа хәымш инагӡахоит.