Агәабзиарахьчара аминистрра - Апсихотроптә ахәшәқәа аизакыла рҭира аҳәынҭқарра мацараоуп изылшо
Агәабзиарахьчара аминистрра - Апсихотроптә ахәшәқәа аизакыла рҭира аҳәынҭқарра мацараоуп изылшо

Жьҭаара 1 инаркны  ахылаԥшра ҷыда аҵаҟа иҟоу афармацевтикатә аалыҵқәеи апсихотроптә ахәшәқәеи аизакыла рҭира аҳәынҭқарра мацара алшоит, – иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.

Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе ахәышәтәырҭақәеи аԥҭекатә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа дырԥылан, аиҭакрақәеи апроцедура ҿыцқәеи ирызкы адыррақәа рииҭеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аиҭакрақәа инарықәыршәаны, хыхь зыӡбахә ҳәоу амедикаментқәа  раагареи аизакыла рҭиреи аҳәынҭқарратә анапхгараҭара аҵаҟа иҟоу аусбарҭа – «Ахшыҩтә гәабзиареи анаркоманиеи раԥырҟәҟәааразы Ацентр» иаҭәашьоуп.

“Аҵас ҿыц ала, ахылаԥшра ҷыда аҵаҟа иҟоу афармацевтикатә аалыҵқәа раахәаразы, амедицинатә усҳәарҭақәеи аԥҭекақәеи аҿаҵа ҟарҵароуп аел-ԥошьҭахь  [email protected], изарҭәаатәуп иҷыдоу аформа. Иацҵоу адыррақәа раиура ҟалоит аҭелла:  591 960 680; 591 960 6902”, – иануп аинформациа аҿы.