Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан 622-ҩык ҭахеит, 1500-ҩык ахәрақәа роуит
Reuters аинформациа ала, Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан 622-ҩык ҭахеит, 1500-ҩык ахәрақәа роуит.
6.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра амҽышаҽны, аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 23:46 рзы ҟалеит. Аепицентр Џьелалабад 27 км иацәыхараны иҟан.
Имҩаԥысуеит аиқәырхара-аԥшааратә уснагӡатәқәа. Атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, Кунар апровинциаҿ иҟоу хқыҭак бгеит, қыҭак аҿы 30-ҩык ҭахеит, шәҩыла ахәшәтәырҭахь инагоуп.