Афестиваль «Art-Geni 2022» иалагоит
Афестиваль «Art-Geni 2022» иалагоит

Аҳҭнықалақь ахада адгыларала, ҧхынгәы 15 инаркны 22-нӡа Қарҭтәи Аетнографиатә музеи аҿы имҩаҧысуеит афестиваль  «Art-Geni 2022».

Қарҭ ахадара адыррала, афестиваль мҩаҧысуеит Қарҭтәи Аетнографиатә музеи ажәытә сценаҿы, амфитеатр аҿы, ҧхынгәы  15, 16, 17, 22, 23,  24 рзы.

Иахьа афестиваль аадыртуеит амилаҭтә балет  «Сухишвили» аконцертла.

Ҧхынгәы 16 рзы ахыркәшаратә концерт аҿы иқәгылоит  GAGA FRANI, ҧхынгәы  17 рзы –  REGGAEON.  Ҧхынгәы 22 рзы иқәгылоит Нино Каҭамаӡеи  & INSIGHT. Ҧхынгәы 23 рзы  «Art-Geni» аҿы раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит Сандро Николаӡе иавтортә музыка аконцерт. Ҧхынгәы 24 рзы қарҭтәи атур хыркәшахоит агәыҧ  «33А» аконцертла.

Афестиваль «Art-Geni» bшьаҭаркын  2004 шықәсазы. Уи атәылаҿы еицырдыруа афестивальқәа иреиуп.  Есышықәса афестиваль иаҭаауеит  30-40 нызқьҩык раҟара ахәаҧшцәа.