Аекзитполқәа рыла, Беларусь имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа рҿы 87,6% рыла аԥхьагылара имоуп Александр Лукашенко
Аекзитполқәа рыла, Беларусь имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа рҿы 87,6% рыла аԥхьагылара имоуп Александр Лукашенко.
Беларусь апрезиденттә алхрақәа мҩаԥсыит. Алхратә комиссиа абжьқәа рыԥхьаӡара иалагахьеит.
Агентра “Белта” аинформациа ала, аекзитполқәа рылҵшәақәа рыла, Беларусь имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа рҿы 87,6% рыла аԥхьагылара имоуп Александр Лукашенко.
Егьырҭ ԥшьҩык акандидатцәа – Анна Канапацкаиа – 1.6%, Олег Гаилукевич – 1.8%, Александр Хижниак – 1.2%, Сергеи Сиранков – 2.7%