Аекспертцәа ргәаанагарала, Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа Украина арепутациа аҧхасҭатәра иазку аинформациатә операциа ауп
Аекспертцәа ргәаанагарала, Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа Украина арепутациа аҧхасҭатәра иазку аинформациатә операциа ауп

«Қьырса аныҳәаз амца аанкылара иадҳәаланы Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа Украина арепутациа аҧхасҭатәра иазку аинформациатә операциазар  ҟалап», — иануп Америкатә Аибашьра аҭҵаара аинститут (ISW) аекспертцәа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Америкатә експертцәа ргәаанагарала,  Путин,  36 сааҭтәи аангылара амчқәа реиҭашьақәыргылареи ажәыларатә операциақәа реиҭалагаразы аҽазыҟаҵареи азыҳәан ихы иаирхәар иҭахызар ҟалап.

ISW аҿы ргәы ишаанаго, абри аҩыза аангылара амшала Украина аинициатива ацәыӡыр ауеит.

Иара убас, америкатә експертцәа ишазгәарҭаз ала, Путин агәра ганы дыҟам укараинатәи аган аинышәара аҭагылазаашьақәа шынарыгӡо, иара аамҭала аинышәаразы ааҧхьара ҟаиҵеит  Украина аинаалареи аиҿцәажәареи аҭахымзшәа ааирҧшырц азыҳәан.

Америкатә експертцәа ишырҳәаз ала, амца аанкылара арежим аиқәыршәаразы аамҭа аҭахуп.

Ҧхынҷкәын 14 рзы  Кремль аофициалтә хаҭарнак Дмитри Песков  аҳәамҭа ҟаиҵеит  Урыстәыла Қьырсазы амца аанкылара агәы иҭам ҳәа, убри аҟынтә, Путин иинициатива уамашәа иубаратәы иҟоуп.