Адунеитә абанк - 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аинфлиациа акырӡа имаҷхеит, ашықәс анҵәамҭаз аинфлиациа аҩаӡара хықәкылатәи   3%-тәи арбага аасҭа имаҷхоит
Адунеитә абанк - 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аинфлиациа акырӡа имаҷхеит, ашықәс анҵәамҭаз аинфлиациа аҩаӡара хықәкылатәи   3%-тәи арбага аасҭа имаҷхоит

Адунеитә абанк ицәырнагеит «Аглобалтә економика аперспективақәа» ажьырныҳәатәи аҳасабырба. Адокумент цәырыргоит шықәсыкала ҩынтә  (ажьырныҳәеи рашәарамзеи рзы). Зыӡбахәы ҳәоу адокументаҿ иарбоуп аглобалтә, иара убас, арегионалтә економикатә азҳара иазку азҧхьагәаҭарақәа.

Аҳасабырба инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟала Қырҭтәыла иҟаз ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ашьҭахь,  2023 шықәсазы аекономикатә азҳара аласра хәыҷык имаҷхеит, аха, иҭышәынтәалоуп,  6,5% аҩаӡараҟны иаанхеит.

«2023 шықәсазы Қырҭтәыла аинфлиациа акырӡа имаҷхеит, амилаҭтә валиута лари иаҳа иҕәҕәахеит. Ашықәс анҵәамҭаз аинфлиациа аҩаӡара хықәкылатәи   3%-тәи арбага аасҭа имаҷхоит.

Азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны,   2024 шықәсазы аекономикатә азҳара маҷхоит  4,8%-нӡа, избанзар, ахәаахәҭра-партниортә тәылақәа рҿгьы аекономикатә азҳара аласра маҷхоит», —  иануп аҳасабырбаҿы.