«Қырҭтәыла аекономикатә активра ҭышәынтәалоуп, 2023 шықәса раҧхьатәи ҧшьымз рзы аекономикатә азҳара 7,3 наӡына иаҟаран», — иануп Адунеи абанк рашәарамзатәи аҳасабырба «Аглобалтә економика аперспективақәа» аҿы.
Адокумент ишану ала, аекономикатә азҳара, бжеиҳарала, амаҵзурақәа ирыбзоуроуп, убри аамҭазы, ааглыхратә усура арбага маҷхеит.
«Ҳаҧхьаҟа аекономикатә азҳара 4,4 наӡынанӡа илаҟәыр ҟалап, уи ахәаахәҭратә апартниор-тәылақәа рҿы аекономикатә азҳара аласра амаҷхара иадҳәалоуп, анеҩс, аҿҳәарабжьаратә перспективаҿы, азҳара арбага 5 наӡынанӡа ишьҭыҵуеит.
Адунеиаҿ аӡатә тауарқәа рыхәқәа алаҟәхара амшала, атәылаҿ аинфлиациа маҷхеит. Лаҵарамзазы аинфлиациа арбага 1,5 иаҟароуп. Аинфлиациа Амилаҭтә банк ала ишьақәыргылаз х-наӡынактәи хықәкылатәи аҩаӡара аасҭа илаҟәызаауеит ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иануп аҳасабырбаҿы.