Адунеи абанк апрогнозқәа рыла, 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика ԥшьнаӡынала иазҳауеит
Адунеи абанк аланарҵәаз аглобалтә економика аперспективақәа 2021 шықәсатәи ажьырныҳәа инақәыршәаны, 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иалагоит, азҳара ԥшьнаӡына иаҟарахоит. 2022 шықәсазы, Адунеи абанк апрогноз инақәыршәаны, атәыла аекономика фнаӡынала иазҳауеит.
Апрогноз инақәыршәаны, Европеи Агәҭанытәи Азиеи арегионқәа рҿы Covid-19 апандемиа иахҟьаны агәабзиахьчареи аекономикеи ахырхарҭақәа рҿы акризис ду шьақәгылеит, аҭагылазаашьа иаирцәгьоит асоциалтә аимакқәа.