Адунеи абанк аҳасабырба инақәыршәаны, Ацентртә Азиеи Кавкази ирылсны ицо «Абжьаратә корридор» ахәаахәҭреи, атранспорттә аимадареи, атауарла аиқәыршәаратә даҷ аҭышәынтәалара аиҕьтәреи иацхраауеит
Адунеи абанк аҳасабырба инақәыршәаны, Ацентртә Азиеи Кавкази ирылсны ицо «Абжьаратә корридор» ахәаахәҭреи, атранспорттә аимадареи, атауарла аиқәыршәаратә даҷ аҭышәынтәалара аиҕьтәреи иацхраауеит

Иахьа Адунеи абанк ицәырнагаз аҳасабырба ахьӡуп  «Ахәаахәҭратәи атранспорттәи Абжьаратә корридор  — аусхкытә политикеи 2030 шықәсанӡа аидарамҩангара хынтә аизырҳареи амҩангаразы иаҭаху аамҭа ҩынтә армаҷреи иазку  аинвестициақәеи».

Аҳасабырбаҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рызуп Казахстани, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи. Иара убас, аҳасабырбаҿы,  амультимодалтә аихамҩа-амшынтә корридор аҟынтә игәрагоу амаршрут ашьақәыргылара иацхрааша ахадаратә шьаҿақәа ирылацәажәоит.

Аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала, Ацентртә Азиеи Кавкази ирылсны Китаии европатәи аџьармыкьақәеи еимыздо  «Абжьаратә корридор» арегионалтә ахәаахәҭра арлахҿыхреи, атәылақәа рыбжьара аимадарақәа рырҕәҕәареи алшоит. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу акорридор, Китаии Европеи рыбжьара  аконтеинертә ахәаахәҭра аҭышәынтәалареи адиверсификациеи еиқәнаршәоит.

Аҳасабырба ишану ала,  «Абжьаратә корридор» абзоурала, 2030 шықәсанӡа аидарамҩангара хынтә аизырҳареи амҩангаразы иаҭаху аамҭа ҩынтә армаҷреи рылшоит.

Адунеи абанк адыррала, «Абжьаратә корридор» аҵакы ду амоуп, избанзар, уи, арегионқәа рыбжьара ахәаахәҭратә корридор аҳасабала, аҧыжәарақәа рацәа амоуп.