Адронқәа рыла ахимиатә зауад ажәылара амшала Смоленск ааигәара быжьҩык ҭахеит
Адронқәа рыла ахимиатә зауад ажәылара амшала Смоленск ааигәара быжьҩык ҭахеит

Урыстәыла, Смоленск ааигәара иҟоу ахимиатә зауад адронқәа рыла  ажәылара амшала быжьҩык ҭахеит. Ари атәы аанацҳаит Урыстәыла Аусеилыргаратә комитет.

Смоленсктәи атәылаҿацә агубернатор ишиҳәаз ала,   украинатәи адронқәа аҧсҭам ҵәыҵәыра ааглыхратә зауад  иаахеит. Азауад аинфраструктура ҧхасҭоуп. Аҭыҧантәи ауааҧсыра рҳәамҭала, ажәылара иалахәын аҧжәагақәа зқәыз жәаба иреиҵамкәа адронқәа.

Украинатәи аган рҳәамҭала, ари азауадаҿ атәылауаҩратәгьы арратәгьы аусхкқәа рҿы ахархәара змоу аалыҵ ҭрыжьуеит.