Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧысит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧысит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи араунд азы аҽазыҟаҵаратә аиҧылара мҩаҧган, уи рхы аладырхәит  Евроеидгылеи, ЕАРи,  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи рҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара анапхгара азиуан адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ, аиҿцәажәарақәа рҿы ақырҭуа делегациа анапхгаҩы Лаша Дарсалиа.

«Аиҧылараҿы  Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ирхылҵуа алҵшәақәа реизырҳара  азҵаара иқәыргылан,  ари аганахьала ҷыдала иалкаан  амца аанкыларазы Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡареи ахҵәацәа рырхынҳәреи ахымҧадара.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм Галтәи аиҧыларақәа хымҧада еиҭашьақәыргылатәуп. Ерҭнеҭтәи аиҧыларақәа еиҧҟьарада рымҩаҧгара нагӡатәуп.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, импыҵахалоу арегионқәеи ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьылқәеи рҿы Урыстәыла апровокациатә азакәандаратә аурангаӡара иазааҭгылеит, ишазгәаҭаз ала, абри аҩыза афактқәа ашәарҭадареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи  аганахьала аҭагылазаашьеи агуманитартә ҭагылазаашьеи иаҳа идырцәгьоит.

Аиҧылараан иазааҭгылеит урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵареи адеокупациеи азы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи, ари апроцесс аҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәы аиҿкаарақәа рылахәызаара ахымҧадареи», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.