Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Мака Боҷоришвилии Павел Ҳерчинскии реиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Бриуссель уажәтәи аполитика агәреибагареи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рпартниорреи ишаҧырхагоу
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит. Авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили лҟны имҩаҧгаз аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Бриуссель уажәтәи аполитика агәреибагареи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рпартниорреи ишаҧырхагоу. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
„Рыцҳарас иҟалаз, Бриуссель иҟарҵо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи ақырҭуа уаажәларра иаҳа аполитизациеи арадикализациеи иазку ашьаҿақәа раҳасабала ҳрыхәаҧшыр ҳалшоит. Аминистр ишазгәалҭаз ала, Бриуссель уажәтәи аполитика агәреибагареи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рпартниорреи иаҧырхагоуп. Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра аконструктивтә диалог иазыхиоуп, Бриуссельынтә иазыҧшуп Қырҭтәыла иадҳәаланы ииашоу аҳаҭырқәҵаратә позициа аарҧшра“,- иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминситрра аинформациаҿы.
Ҳерчински Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит мышқәак раҧхьа иара Бриуссель иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы. Ҳерчински иҳәеит: «Қырҭтәыла амҩеихысырҭаҿ игылоуп, ари атәыла аҧеиҧш макьана иӡбам. Аха, анеҩстәи амчыбжьқәеи амзақәеи рзы ирыдыркыло аӡбара ҳәаақәнаҵоит Қырҭтәыла адемократиеи, азакәан ахадареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рышьаҭала ишьақәгылаз европатәи аҭаацәара иалахәхәо, мамзаргьы, ҧаса изҭагылаз аамҭа лашьца иазыхынҳәоу. Акоуп ақырҭуа жәлар ирасҳәар исҭаху – „агәыҕра шәцәымӡааит“. Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра алҳмыршароуп. Дара иаҳа еиҕьу аразҟы рымазароуп. Атәыла анапхгара ҳара аус ҳацура шырҭаху аадырҧшыр, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз».
Мшаҧы 23 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала, «Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа жәлар дрықәмақаруеит атәылауаҩратә еибашьреи аҕарреи рыла. Убри аҟынтә, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьатәуп».