Адам Кинзингер  - Уажәазы асанкциақәа рылацәжәара иахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагом  
Адам Кинзингер  - Уажәазы асанкциақәа рылацәжәара иахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагом  

Адам Кинзингер  – Уажәазы асанкциақәа рылацәжәара иахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагом

«Америка абжьы» иеиҭаз аинтервиу аҿы аконгрессмен Адам Кинзингер ишиҳәаз ала, уажәазы Қырҭтәыла  асанкциақәа азышьақәыргылара азҵаара алацәажәара иахәҭам ҳәа игәы иаанагоит.

Кинзингер  Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иҭышәынәталахап ҳәа дгәыҕуеит.

«Ҳара Қырҭтәыла адгыларатә акт ҳамоуп, арратә усхкы аҿы аус еицаауеит. Адемократиатә регресс ду шыҟоу аабар, ари азҵаара ҳаиҭахәаҧшыр ҟалап,  аха, уи аҟаҵара ҳақәшәаратәы  агрессиатә шьаҿақәа ҟарымҵап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  Кинзингер.

Кинзингер ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла авторитаризм шышьақәгыло рбар, иҵоуроу аинициативақәа раҧыхра алацәажәара иалагоит.