Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыԥьаӡара 31 643-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыԥьаӡара 31 643-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыԥьаӡара 31 643-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы аанацҳаит Акатастрофақәеи аҭагылазаашьа ҷыдеи рпанхгараҭара амаҵзура.

Аҩтәылак рҿы аиқәырхаратә усурақәа нагӡоит. Еилаҳаз ахыбрақәа рҟынтә зыԥсы ҭоу ауаа реиқәырхара ашансқәа иҟам, аха Ҳатаи адгьылҵысра ҟалеижьҭеи 175 сааҭ рышьҭахб аиқәырхаҩцәааԥҳәыс леиқәырхара рылшеит.

ЕАР аинформациа ала, Алеппои  Латакиеи рҿы нхарҭада иаанхеит 350 000-ҩык. ЕАР аԥхасҭа зауз Шьамтәыла арегионқәа рахь 110 тонна амедицинатә аидара рышьҭит.