Аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны раԥхьаӡа Израиль аԥыза-министр аофициалтә визитла Ҭырқәтәыла ддәықәлоит
Аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны раԥхьаӡа Израиль аԥыза-министр аофициалтә визитла Ҭырқәтәыла ддәықәлоит

Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу аофициалтә визитла Ҭырқәтәыла даҭааны, Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит.

“Бениамин Неҭаниаҳу аофициалтә визитла Ҭырқәтәыла ддәықәланы, иаауа амчыбжь азы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит”, – иануп Израиль аԥыза-министр иофис аҳәамҭа аҿы.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Израиль аԥыза-министр Ҭырқәтәылаҟа ԥхынгәы 28 рзы ддәықәлоит.

Израиль аԥыза-министр аофициалтә визитла Ҭырқәтәыла ҟа дымҵаӡацт аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны, аха ахада Исаак Герцог ҵыԥх Ҭырқәтәыла даҭааит.