Аҵысра «Ажәлар рымч» - Келли Дегнан иҟалҵаз аҵыхәтәантәи 2 комментариак рыла лабҿаба иубарҭоуп арадикалтә оппозициаа анапхгара рзызуа
Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа, аҵысра «Ажәлар рымч» иалахәы Созар Субарии, Дмитри Хундаӡеи, Михаил Ҟавелашвилии даҽа аҳәамҭак ҟарҵеит.
«Келли Дегнан иҟалҵаз аҵыхәтәантәи 2 комментариак рыла лабҿаба иубарҭоуп арадикалтә оппозициаа анапхгара рзызуа. Ишдыру ала, арадикалтә оппозициа иаҧырҵаз аполиаризациа иҧсабаратәым 2 шьаҭак амоуп: дара Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы ирымоу алегитимациа иазхарҵом. Абри ашьаҭа арҕәҕәаразы, «Амилаҭтә ҵысра» рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегы рхы иадырхәоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳаҭыр зқәу Келли Дегнан «Амилаҭтә ҵысра» рхы иадырхәо амессиџьқәа рыла дҳацәажәоит. Уи алагьы иубарҭоуп зыӡбахәы ҳәоу амессиџьқәеи аполиаризациеи ацҳаражәҳәарҭаҿы ишырхәыцыз.
Ацҳаражәҳәаҩ азакәандаратә аполитика-револиуциатә клип «Ҧхашьароуп» азы ателееилахәыра закәанла ахараҧса ақәҵара данаҿагыло, Қырҭтәыла анапхгара рлегитимациа гәҩарас аныҟалҵо, лгәаанагара ашьақәырҕәҕәаразы амц анылҳәо, лаҿбаба иубарҭоуп аус злоу. Ацҳаражәҳәарҭа аибашьра иаҿагыло Қырҭтәыла ихьыҧшым анапхгара ирықәшаҳаҭым. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа ҳтәыла анапхгара рахҳәаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Аха, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аиашара иазықәҧо ажәлар рымч атәыла ахьыҧшымра шахьчо,», — иануп аҵысра «Ажәлар рымч» аҳәамҭаҿы.