Аҽыԥхьакреи акарантини рыҿҳәара маҷхоит
Аҽыԥхьакреи акарантини рыҿҳәара маҷхоит

Covid-19 зцәа иалоу ахаҿқәеи урҭ рҟны аимадара змаз ахаҿқәеи рзы аҽыԥхьакреи акарантини рыҿҳәара маҷхоитю Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, астратегиатә ҵакы змоу аобиектқәа – амедицинатә усҳәарҭақәа, аҵараиурҭақәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәеи, Аиустициеи, Атәылахьчареи рминистррақәа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, апрокуратура асистема, Афинанстә министрра иаҵанакәа Ахашәалатә амаҵзуреи, Аусшааратә маҵзуреи рҿы аперсонал адефицитаан, амаҵзурауаа рзы аҽыԥхьакра 6 мш рыла иҳәаақәҵахоит. Аҽыԥхьакра ахыркәшараан атест лас аҟаҵара ихымԥадахоит, асимптомқәа рхыркәшара 24 сааҭ рышьҭахь адәылҵра ҟалоит, аха асабрадақәа хәымш  хымԥада ныҟәгатәуп.

Аҽыԥхьакра ахыркәшаразы аӡбара идикылоит аҳақьым.