Аҵаратә ахәшьараҭаратә центр НАТО-Қырҭтәыла аҿы анаҧшцәа ирызкыз жәларбжьаратәи акурс хыркәшоуп

12:48, 09.07.2023

Аҵаратә ахәшьараҭаратә центр НАТО-Қырҭтәыла (JTEC) аҿы анаҧшцәа ирызкыз жәларбжьаратәи акурс (IOCT)  хыркәшоуп.

Атренинг рхы аладырхәит 5 ҳәынҭқаррак  рҟынтә  16ҩык аруаа. Атеориатәи апрактикатәи азыҟаҵарақәа мҩаҧысуан   JTEC-и Нориои азыҟаҵаратә центрқәа рҿы.

Атренинг мҩаҧыргон ақырҭуеи литватәи офицарцәа. Аҵаратә ахәшьараҭаратә центр НАТО-Қырҭтәыла анапхгаҩы  Давид Гагуа JTEC  астажирцәа  қәҿиарала ари акурс ахысра рыдиныҳәалеит. Аужьҭымҭаҩцәа иашьашәалоу асертификатқәа роуит.

 

Еиԥшу