Аҵаақәшьқьраара | Ника Егаӡе Европа ачемпионатаҿ аиааира игеит  #1TVSPORT
Аҵаақәшьқьраара | Ника Егаӡе Европа ачемпионатаҿ аиааира игеит  #1TVSPORT

Ақырҭуа аҵаақәшьқьрааҩ  Ника Егаӡе Британиа Ду,  Шеффилд имҩаҧысуа Европа ачемпионатаҿ ахьтәы медаль игеит.

Абзиаӡаны инагӡаз апрограмма кьаҿ ашьҭахь Егаӡе,   91,28 баллқәа рыла,  актәи аҭыҧ ааникылеит. Зхы иақәиҭу апрограммаҿы  181,72 баллқәа иоун,  инеизакны  273 баллқәа рыла ахьтәы медаль игеит.

Иацы ари ачемпионатаҿ ахьтәы медаль ргеит  Анастасиа Метелкинеи  Лука Берулавеи, даргьы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылон.

Хара имгакәа,  ақырҭуа аизга алахәылацәа  Диана Девиси  Глеб Смолкини аспорттә акәашарақәа рҿы зхы иақәиҭу апрограммала иқәгылоит.