Абжьаратә школқәа рҿы актәи акласс иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа аҵыхәтәантәи аетап иалагеит
Абжьаратә школқәа рҿы 2026-2027 аҵаратә ашықәс азы актәи акласс иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа аҵыхәтәантәи аетап иалагеит.
Аҵара ахылаҧшра аинформациатә система аинформациа инақәыршәаны, аҭаацәа ашколқәа рҿы иҭацәны иаанхаз аҭыҧқәа рзы ҧхынгәы 31-нӡа рхәыҷқәа ашәҟәы иҭаргалар рылшоит.
Уи азыҳәан, аҭаацәа, дара ирҭаху ашкол арзаҳал аларҵароуп.
Аҳәынҭқарратә школқәа рҿы иҭацәны иҟоу аҭыҧҟқәа ирызку аинформациа жәбар шәылшоит Аҵара ахылаҧшра аинформациатә система онлаинпортал – skolebi.emis.ge. аҿы.
Иара убас, арегистрациа иазку инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит Аҵара ахылаҧшра аинформациатә система Ацәаҳәа ҷыдала – (+995 32) 2 200 220 ма аелектронтә ҧошьҭала – [email protected].