Амилаҭтә банк – 2026 шықәса аҩбатәи акварталаз атәыла атуризм аҟынтә аиуит 1,1018 млрд адоллар ахашәала

12:36, 20.07.2026

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррақәа рыла,  2026 шықәса аҩбатәи акварталаз атәыла атуризм аҟынтә аиуит  1,1018 млрд адоллар ахашәала, ари арбага ҵыҧхьәт иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  3,8%-ла имаҷуп. 2026 шықәс аактәи азбжазы атәыла зынӡа аиуит  1,9317 млрд адоллар ахашәала.

« 2026 шықәса аҩбатәи акварталаз жәларбжьаратә атуризм аҟынтә атәыла иаиуз ахашәала аҟынтә  17,7% Евроеидгыла атәылақәа рыхәҭоуп. Ари арбага ҵыҧхьтәи иашьашәалоу арбага аасҭа  12,1%-ла идууп.

Астатистика инақәыршәаны, ахашәала азҳаит Азербаиџьани, Украинеи, Шәамахьтәылеи ртуристцәа рҟынтә.

Ааигәатә Мрагылараҿ имҩаҧысуа аибашьра амшала, Израили Ирани рҟынтә атуристцәа маҷхеит.

Еиԥшу