Паата Бурҷулаӡе – Жьҭаара 4 еиҿызкааз сара соуп, апровокациа акәымзҭгьы, зегьы ҭынч имҩаҧысуан
Жьҭаара 4 еиҿызкааз сара соуп, апровокациа акәымзҭгьы, зегьы ҭынч имҩаҧысуан, – иҳәеит жьҭаара 4 аус азы иҭаку Паата Бурҷулаӡе аоппелиациатә аӡбарҭа аилатәараҿы.
„Паата Манџьҕалаӡе иакәӡам ари аусмҩаҧгатә еиҿызкааз. Жьҭаара 4 аиҿкаара сазгәдууп“,- иҳәеит Бурҷулазе аилатәараҿы.
Қарҭ ақалақьтә аӡбара жьҭаара 4 аус азы ахара зду Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџь.алаӡеи быжьба-быжьба шықәса аҭакра рықәнаҵеит. Адукатцәа ари ақәҵара аопелиациатә аӡбарҭаҿы иазашшит.