Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Картозиа ҧхынгәы 23 рзы Германтәыла ахада агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит

10:41, 21.07.2026

Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Алеқсандр Картозиа  ҧхынгәы 23 рзы Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер агәраргагатә  шәҟәқәа ииҭоит.

Ари атәы иануп Германтәыла ахада иофициалтә саит аҿы.

Аинформациа инақәыршәаны, агәраргагатә  шәҟәқәа аҭара ацеремониа мҩаҧгахоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  10:30 рзы.

Алеқсандр Картозиа Германтәыла Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан  2025 шықәса цәыббразы.

Еиԥшу