Каха Калаӡе – Рыцҳарас иҟалаз, ақәа аур, џьоукы иаразнак аполитикатә спекулиациақәа ирылагоит. Ҳара аимак ҳҭахым, апроблемақәа иаамҭаны рыӡбареи абри аҩыза ахҭысқәа раан ақалақь зыхьчаша аинфраструктура аҧҵареи ауп иаҳҭаху

11:13, 21.07.2026

“Рыцҳарас иҟалаз, ақәа  аур, џьоукы иаразнак аполитикатә спекулиациақәа ирылагоит. Ҳара аимак ҳҭахым, апроблемақәа иаамҭаны рыӡбареи  абри аҩыза ахҭысқәа раан ақалақь зыхьчаша аинфраструктура аҧҵареи ауп иаҳҭаху”, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи  реилатәараҿы.

 Каха Калаӡе иҳәамҭала, апроблемақәа зегьы етапла ирыӡбоит.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы алышәшәақәа рацәахеит. Карҭ мацараҿ акәӡам абри аҩыза апроблемақәа ахьыҟоу. Абри аҩыза ахҭысқәа ҳбоит аекономикатә ганахьала ҳара ҳаасҭа иаҳа иҕәҕәоу идуӡӡоу европатәи ақалақьқәа рҿгьы.

Ҳәарада, Қарҭгьы апроблемақәа иҟоуп. Арҭ апроблемақәа хымҧада иӡбатәуп. Убри азоуп  2017 шықәса инаркны адгьылаҵантәи акоммуникациақәа рырҽеира ҳзаҿу.

Апроблемақәа зегьы етапла иҳаӡбоит. Рыцҳарас иҟалаз, ақәа  аур, џьоукы иаразнак аполитикатә спекулиациақәа ирылагоит. Ҳара аимак ҳҭахым, апроблемақәа иаамҭаны рыӡбареи  абри аҩыза ахҭысқәа раан ақалақь зыхьчаша аинфраструктура аҧҵареи ауп иаҳҭаху”, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Еиԥшу