Арчил Гордулаӡе — Ҳара еснагь ареалтә партниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳазҿлымҳан, ари аганахьала Дональ Трамп ишәҟәы агәыҕра ду ҳнаҭоит

14:52, 20.07.2026

«Ҳара ҳгәыҧи Америка уажәтәи админситрациеи азҵаарақәа зегьы рзы ҳпозициақәа еиҧшуп. Ҳара еснагь ареалтә партниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳазҿлымҳан, аҧаса уи баша ақьаад  ианын», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла  Арчил Гордулаӡе.

Иара иажәақәа рыла, Америка ахада Дональд Трамп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе изааишьҭыз ашәҟәы ари аганахьала  «Ақырҭуа гәахәтәы» агәыҕра ду рнаҭоит.

«Америка ахада Дональд Трамп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе изааишьҭыз ашәҟәы ҳбеит, ҳәарада, уигьы  агәыҕра ду ҳнаҭоит. Араҟа зегьы реиҳа ихадоу ҳтәыла аинтересқәа рыхьчароуп. Атәыла цыҧхьаӡа ахатә интересқәа шамоу еилаҳкаауеит, аха,  ҳинтересқәа еиқәшәар,   апартниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳалшоит. Қыртәәыла аиҳабыра еснагь уи иазыхиан», — иҳәеит Арчил Гордулаӡе.

Америка ахада Дональд Трамп Қырҭтәыла аҧыза-министр изааишьҭыз ашәҟәы аҟны Иракли Кобахиӡе ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иара Америка Ахьыҧшымра амш инамаданы иҟаиҵаз адныҳәаларазы.

Иара убас, ашәҟәы аҟны Трамп иазгәеиҭеит: «Асуверенитети, ашәарҭадареи, акыраамҭалатәи ашәҭыкакаҷреи рырҕәҕәаразы аус еицааур, акрызҵазкуа апрогресс ҳаур ҳалшоит. Иаҳа иашәарҭам аҭынчратә аҧеиҧш аиқәыршәаразы ҳусеицура арҕәҕәара сахыццакуеит».

Еиԥшу