Каха Калаӡе – Америка уажәтәи администрациа ҧасатәи администрациа Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз ииашам аӡбарақәа уадаҩрада раҧыхра рылшоит ҳәа сгәы иаанагоит

12:48, 20.07.2026

Қарҭ ахада Каха Калаӡе Америка ахада Дональд Трамп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе изааишьҭыз аҭактә шәҟәы ибзианы дахцәажәан, ишиҳәаз ала, Америка уажәтәи администрациа ҧасатәи администрациа Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз ииашам аӡбарақәа уадаҩрада раҧыхра рылшоит ҳәа игәы иаанагоит.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара аиҩызареи апартниорреи иазыхиоуп.

«Ҳара ари ашәҟәы ибзианы ҳазныҟәоит. Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит Қырҭтәыла анапхгара абҕьыц ҿыцла аизыҟазаашьақәа ралагара ишазыхиоу. Ҳара аиҩызареи апартниорреи ҳазҿлымҳауп. Ҧасатәи администрациа Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз ииашшамыз аӡбарақәа ҳрықәшаҳаҭым. Дара ашантажи ақәыҕәҕәареи ракәын ирҭахыз. Америка уажәтәи администрациа ҧасатәи администрациа Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз ииашам аӡбарақәа уадаҩрада раҧыхра рылшоит ҳәа сгәы  иаанагоит.  Ҳара аиҩызареи апартниорреи ҳазыхиоуп. Аха, ари апроцессаҿ аҩ-тәылак, аҩ-жәларык ринтересқәа иазҧхьагәаҭазароуп», — иҳәеит  Каха Каладзе.

Еиԥшу