Қарҭ, Аопереи абалети ртеатр аҿы Абырфынтә мҩа ахәбатәи афорум аартуп. Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ихылаҧшрала афорум мҩаҧысуеит жьҭаара 22 -23 рзы. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәоит зранг ҳараку аполитикцәеи, абизнессектори жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәеи.
Аартратә панель – зыҩаӡара ҳараку адиалог рхы аладырхәоит арегион атәылақәа рнапхгаҩцәа – Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани, Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадови.
„Абырфынтә мҩа Қарҭтәи афорум“ мҩаҧысуеит 2015 шықәса инаркны, ҩышықәса рыла знык. Ари аамҭа иалагӡаны афорум шьақәгылеит еиуеиҧшым атәылақәа рнапхгаҩцәа рыбжьара адиалоги, иара убас, еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи абизнессектори рхаҭарнакцәеи рыбжьара ҩ-ганктәии аганрацәалатәи аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы жәларбжьаратәи арена аҳасабала.
Сынтәатәи афорумгьы, ишаҧу еиҧш, рхы аладырхәоит аглобалтә лидерцәа рацәа – 70 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа рҟынтә 2300ҩык иреиҳаны аделегатцәа. Афорум алахәылацәа иреиуп арегион атәылақәа рҧыза-министрцәеи авице-аҧызацәеи, иара убас, егьырҭ атәылақәа рҟынтә аусхкытә министрцәеи, иреиҕьу аглобалтә еилахәырақәеи, жәларбжьаратәи аекспертцәеи, Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпуси жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи – ЕАРи, „Адунеи абанки“, „Азиатәи аҿиара абанки“, „Амшын еиқәа аекономикатә усеицура аиҿкаареи“, егьырҭгьи рхаҭарнакцәеи.