Абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи ақырҭуа-америкатә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит
Абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи ақырҭуа-америкатә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит

Қырҭтәылеи аштат Џьорџьиеи рыбжьара апартниортә программа  (State Partnership Program) адиректор, аподполковник  Патрик Феирфакс Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура даҭааит. Асас дидикылеит амаҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Леван Гирсиашвили. Иара уажәазы имҩаҧысуа апроектқәа дрылацәажәеит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура  адыррала,  аганқәа рхаҭарнакцәа  нанҳәазы Борџьомии Раҷеи имҩаҧысраны иҟоу азыҟаҵарақәа ирылацәажәеит.  Азыҟаҵарақәа руакы аӡхыҵраан аиқәырхаратә усурақәа рымҩаҧгара иазкуп,  егьырҭ   –  ашьха-аиқәырхаратә азыҟаҵарақәоуп. Азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит  50ҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи.

Агуманитартә цхыраара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура  иарҭеит абылрацәыхьчаратә техникеи аибыҭара ҷыдеи.