Абдулла Арипов – Қырҭтәыла санааиҵәҟьа, раҧхьатәи аминуҭқәа индыркны, ақырҭуа жәлар рзы иҟазшьарҭбагоу атрадициатә асасдкылареи аҳаҭырқәҵареи сцәа ианырит. Гәыкала ҳадкыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит
„Қырҭтәыла санааиҵәҟьа, раҧхьатәи аминуҭқәа индыркны, ақырҭуа жәлар рзы иҟазшьарҭбагоу атрадициатә асасдкылареи аҳаҭырқәҵареи сцәа ианырит. Гәыкала ҳадкыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит Узбекистан аҧыза-министр Абдулла Арипов Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧылоз.
Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, иахьатәи аиҧылара ҵыҧх, Иракли Ҕарибашвили аофициалтә визитла Узбекистан даныҟаз атәылақәа рыбжьара иалагаз адиалог нанагӡоит.
«Иахьатәи аиҧылара ҵыҧх, аофициалтә визитла Узбекистан шәаныҟаз ҳтәылақәа рыбжьара иалагаз адиалог нанагӡоит», — иҳәеит Абдулла Арипов.
Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдулла Арипов иахьа аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит.