Урыстәылатәи дронқәа ржәылара амзызла Одессатәи атәылаҽацә аҟны хәҩык ахәрақәа роуит
Урыстәылатәи дронқәа ржәылара амзызла Одессатәи атәылаҽацә аҟны хәҩык ахәрақәа роуит

Урыстәылатәи дронқәа ржәылара амзызла Одессатәи атәылаҽацә аҟны хәҩык ахәрақәа роуит, – аанацҳаит Украина аҭагылазаашьа ҷыдқәа рмаҵзура.

Аусҳәарҭа аинформациала, ажәылара ашьҭахь абаӷәазатә инфраструктуреи, абылтәыҭаҭәарҭеи, аҩнқәеи амца рыцралеит.

Одессатәи атәылаҽацә арратә админисрациа анапхгаҩы Олег Кипер ишааицҳаз ала, дронқәа ржәылара иахҟьаны афымцалашарада аанхеит 30 000-ҩык абонентцәа.

Украина аҳауахьчаратә мчқәа рдыррақәа рыла, ампыҵахалаҩцәа Украина аҵакырадгьлы ахырхарҭала рышьҭит 112 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, урҭ рҟынтә 87 дрон карыжьит.