Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ҭеҭнулди иӡыз атуристцәа рҟны аимадара шьақәгылеит
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ҭеҭнулди иӡыз атуристцәа рҟны аимадара шьақәгылеит

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзуреи Ҭеҭнулди иӡыз атуристцәеи реимадара шьақәгылеит, – аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҟынтә.

Атуристцәа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам, аиқәырхаҩцәа рыцхыраара рҭахым, аиланхарҭа ахырхарҭала рхала еиҭаҵуеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аиқәырхаҩцәа ргәыԥ альпинистцәа ирԥыларц азы дәықәлеит.

Ашьха Ҭеҭнулди амашәыр зықәшәаз фҩык атуристцәа рҟынтә аӡәы дҭахеит, ҩыџьа атуристцәа ревакуациа мҩаԥыргеит, иҭахаз атурист иԥсыбаҩ аҳәаахьчаратә полициа аҵәиԥрыгала Местиа ииаргеит.