Ҭеҭнулди амашәыр зықәшәаз фҩык атуристцәа рҟынтә аӡәы дҭахеит
Ҭеҭнулди амашәыр зықәшәаз фҩык атуристцәа рҟынтә аӡәы дҭахеит

Ашьха Ҭеҭнулди амашәыр зықәшәаз фҩык атуристцәа рҟынтә аӡәы дҭахеит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, иҭахаз атурист иԥсыбаҩ аҳәаахьчаратә полициа аҵәиԥрыгала Местиа ииаргеит.

Иахьа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиқәырхаҩцәа Ҭеҭнулди аҟынтә аахақәа зауз ҩыџьа атуристцәа ревакуациа мҩаԥыргеит.