Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Аҳауа аԥхарра ашьҭыҵра иахҟьаны абнақәа рҿы амцакрақәа рцәырҵра ашәарҭа иазҳауеит, абнатә массивқәа рҿы аԥыԥшра уахгьы-ҽынгьы инагӡахоит
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Аҳауа аԥхарра ашьҭыҵра иахҟьаны абнақәа рҿы амцакрақәа рцәырҵра ашәарҭа иазҳауеит, абнатә массивқәа рҿы аԥыԥшра уахгьы-ҽынгьы инагӡахоит

Аҳауа аԥхарра ашьҭыҵра иахҟьаны, абнақәа рҿы амцакрақәа рцәырҵра ашәарҭа иазҳауеит, абнатә массивқәа рҿы аԥыԥшра уахгьы-ҽынгьы инагӡахоит, — иануп Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәылауаҩратә ҭакԥхықәра аадырԥшырц.

“Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, арҭ амшқәа рзы мраҭашәаратәии мрагыларатәии Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра шьҭыҵуеит, ари иахҟьаны абнатә амцакрақәа рцәырҵра ашәарҭа иазҳауеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аусуҩцәа атәыла аҵакыраҿ амниторинг дырӷәӷәоит, абнатә массивқәа рҿы аԥыԥшра уахгьы-ҽынгьы нагӡахоит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит агәҽанызаара аадырԥшларц, абылрацәыхьчара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Мап анакәха, абнатә мцакрақәа рыҟаларазы ашәарҭара шьақәгылоит. Алҩа аарԥшаар, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәаҳәа ҷыдахь шәас – 112″, – иануп аҳәамҭаҿы.