800 ашколқәа рыргылареи реиҭашьаҟқәыргылареи иазку аҧыза-министр иинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны, 80 ашколқәа рыргылареи 320 ашколқәа рырҽеиреи азы, цәыббра-жьҭааразы атендер рыларҳәоит
800 ашколқәа рыргылареи реиҭашьаҟқәыргылареи иазку аҧыза-министр иинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны, цәыббра-жьҭааразы атендер рыларҳәоит.
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативала, зымҽхак дуу апроект анагӡара иалагоит – 800 ашколқәа рыргылареи рырҽеиреи апроект актәи аетап сынтәа цәыббра – жьҭааразы иалагоит, 80 ашкол ҿыцқәа рыргылареи 320 ашколқәа рырҽеиреи азы атендер рыларҳәоит.
Ари азҵаара иадҳәаланы, аиҳабыра радминистрациаҿы, аҧыза-министр инапхгарала аусуратә аиԥылара мҩаԥган. Аиԥылара рхы аладырхәаит Ацара аминистр Михаил Чхенкелии Аҵаратә инфраструктура аҿиаразы агентра анапхгаҩы Леван Сухиташвили.
Апроект инақәыршәаны, иаанханы иҟоу ашколқәа рырҽеиратә усурақәазы атендер рыларҳәоит 2023-2024 шықәсқәа рзы, 2026 шықәса анҵәамҭанӡа, зынӡа 800 ашколқәа рыргыларатәи рырҽеиратәи усурақәа хыркәшахоит.