34 шықәса рышьҭахь афильм  «Ахьхәра» Каннтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбеит  [афото]
34 шықәса рышьҭахь афильм  «Ахьхәра» Каннтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбеит  [афото]

34 шықәса рышьҭахь афильм  «Ахьхәра»   Каннтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбеит.

Аинформациа аланарҵәеит Амилаҭтә киноцентр.

Афильм еиҭашьақәыргылоу авариант ахәаҧшцәа ирыдаргалеит акинофестиваль ахаҭарнак  Џьоел Шапрони,  Нана Џьанелиӡеи, Авҭандил Махараӡеи.

Каннтәи акинофестиваль аҿы афильмқәа ддырбоит арыцхәтә формат аҿы, убри аҟынтә,  Амилаҭтә киноцентр,  Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи  акультуреи аспорти рзы аминистрра ацхыраарала,  2020 шықәса ажьырныҳәазы афильмқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит.

Афильм  «Ахьхәра» адунеитә премиера Канны имҩаҧган  1987 шықәсазы. Усҟантәи акинофестиваль аҿы афильм 3 ҧхьахәк анашьан.  1988 шықәсазы  «Ахьхәра», атәым бызшәала иҭыху иреиҕьу афильм азы   «Ахьтәы глобус»  аноминациа иалахәын.