32-тәи абаталион  3-тәи ашьаҟатә бригада аруаа Афганистанҟа идәықәлеит
 32-тәи абаталион  3-тәи ашьаҟатә бригада аруаа Афганистанҟа идәықәлеит

 НАТО «Адгылара ҕәҕәа» амиссиа аҽалархәразы Афганистанҟа идәықәлеит 32-тәи абаталион  3-тәи ашьаҟатә бригада аруаа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Ақырҭуа аруаа фымз рыҩнуҵҟа  жәларбжьаратәи аҭынчрачаҧаратә миссиа нарыгӡоит Америка анапхгарала. Ақырҭуа арратә маҵзуҩцәа Баграм арратә база ашәарҭадара ахьчара рнапы иануп.