2025 шықәсазы арратә маҵзурахьы ааҧхьара апроцесс хыркәшоуп. Атәылахьчара аминистрра аплан инагӡоуп. Аррахь ицаз реиҳара рхатә ҭаххарала амилаҭтә арратә маҵзура иахысуеит.
2025 шықәсазы аррахь ицо аҿар Заза Ҧераӡе ихьӡала Ахалқалақьи иҟоу Алагамҭатә азыҟаҵара ацентр аҿы арратә азыҟаҵара иахысуеит.
Қәҿиарала акурс иахысуа аҿар, арратә ҭоуба шьҭаҵаны, атерриториатә принципла, Атәылахьчаратә мчқәа еиуаҧшым аҟәшақәа рҿы амилаҭтә арратә аамзатәи азыҟаҵара иахысуеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра.