2024 шықәсазы Қырҭтәыла мҩаԥгахоит адунеизегьтәи атуризм амш
2024 шықәсазы Қырҭтәыла мҩаԥгахоит адунеизегьтәи атуризм амш

ЕАР адунеизегьтәи атуризм аиҿкаара Европа акомиссиа аӡбарала, иаауа ашықәс азы Қырҭтәыла мҩаԥгахоит адунеизегьтәи атуризм амш. Ари аӡбара рыдырылеит Болгариа, Софиа ақалақь аҿы имҩаԥгаз акомиссиа 68-тәи аилатәара аан.

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Мариам Қвривишвили ишаалыцҳаз ала, ари ҳтәыла атуризм аиндустриа иашьҭанеиуа азхаҵароуп.

„Алшара ҳауеит адунеитә аҩаӡараҿ ҳтәыла аӡыргразы, зранг ҳараку асасцәа рыдкыларазы, аихқәа рхаҭарнакцәа ҳтәыла рырбаразы”, – илҳәеит Қвривишвили.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, ари иабзоураны Қырҭтәыла ахьӡ адунеи аҿы аларҵәара аиуеит.