Ҭырқәтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, аҭырқәа-ашәамахьтә аҳәаа аадыртуеит алхрақәеи Шәамахьтәыла Аконституциа аҧсахреи ашьҭахь
Ҭырқәтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, аҭырқәа-ашәамахьтә аҳәаа аадыртуеит алхрақәеи Шәамахьтәыла Аконституциа аҧсахреи ашьҭахь

Ҭырқәтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа аадыртуеит рашәара 7 рзы Шәамахьтәыла имҩаҧысуа апарламенттә алхрақәа рышьҭахь, иара убас, атәылаҿы аконституциатә ҧсахрақәа анрыдыркылалак.  Ҭырқәтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Рашад Мамедов  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аҭырқәа газеҭ  Cumhuriyet аинтервиу анеиҭоз. 

Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи еиҧҟьарада аимадара рыбжьоуп, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара ашьҭахь, Шәамаххьтәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәагьы рҭыҧқәҵара апроцесс иалагеит.

Иара иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь, Шәамахьтәыла аконституциа анырыҧсахлак, ари атәыла Азербаиџьанахь иамаз атерриториатә претензиақәа аҧыххоит.

Рашад Мамедов ишазгәеиҭаз ала, убри ашьҭахь Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аҭынчратә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.