Украина аҳауахьчаратә мчқәа ишаарыцҳаз ала, уахынла Урыстәыла аҟынтә Украина ахырхарҭала 61 дронқәеи ҩракетаки ишьҭын, урҭ рҟынтә 46 аԥырҩы дызҭам аппаратқәеи аракетақәеи ҭадырхеит
Украина аҳауахьчаратә мчқәа ишаарыцҳаз ала, уахынла Урыстәыла аҟынтә Украина ахырхарҭала 61 дронқәеи ҩракетаки ишьҭын, урҭ рҟынтә 46 аԥырҩы дызҭам аппаратқәеи аракетақәеи ҭадырхеит.
Урыстәыла ажәылара мҩаԥнагеит Харьков, Полтавеи, Сумыи, Киеви, Черкасыи, Донецки, Запорожиеи, Днепропетровски, Хмельницки, Кировогради рраионқәа рҿы.
Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациа ала, Черкассктәи аобласт аҟны анхарҭақәа аԥхасҭа роуит.