Иракли Ҕарибашвили — Европарламент арезолиуциа ҧхашьарада ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалароуп ҳәа сҳәар сылшоит
«Ҳрадикалтә оппозициаа ирыдгыло алоббистцәа, дара рыцхыраарала, Қырҭтәылеи ҳҳәынҭқарреи иаҿагыло арезолиуциа дырмазеиуеит, убри ала, даҽазнык, ҧхашьарада ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларгалоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили.
Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ҩышықәса раҧхьа, акандидат астатус иадҳәаланы зҵакы дуу аӡбара рыдыркылаанӡа, абри аҩызаҵәҟьа аҵакы змаз арҧхашьагатә резолиуциа рыдыркылеит.
«Ҳара уаанӡагьы абри аҩыза арҧхашьагатә, ииашам апроектқәеи арезолиуциақәеи ҳбахьеит, иҵегьы иаҳбаргьы ҟалап. Ишәгәалашәозар ҟалап, ҩышықәса раҧхьа, акандидат астатус иадҳәаланы зҵакы дуу аӡбара рыдыркылаанӡа, абри аҩызаҵәҟьа аҵакы змаз арҧхашьагатә резолиуциа шрыдыркылаз. Усҟангьы Иванишвили асанкциақәа изықәыргылареи, Саакашвили ихақәҭтәреи, атәыла акандидат астатус азы мап ацәкреи иаҳәон. Уажәы, алхрақәа рҟынӡа ҩымчыбжь шагу, ҳрадикалтә оппозициаа ирыдгыло алоббистцәа, дара рыцхыраарала, Қырҭтәылеи ҳҳәынҭқарреи иаҿагыло арезолиуциа дырмазеиуеит, убри ала, даҽазнык, ҧхашьарада ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларгалоит. Европарламент арезолиуциа ҧхашьарада ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалароуп ҳәа сҳәар сылшоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.