Қырҭтәыла, Урыстәыла ала Украина аннексиа иақәыӡбо ЕАР Ассамблеиа Хада арезолиуциа иадгылеит
Қырҭтәыла, Урыстәыла ала Украина аннексиа иақәыӡбо ЕАР Ассамблеиа Хада арезолиуциа иадгылеит

 ЕАР Ассамблеиа Хада асессиа ҷыдаҿ асессиа алахәылацәа еицҿакны ирыдыркылеит Урыстәыла ала Украина аннексиа иақәыӡбо арезолиуциа.  Адокумент авторцәа иреиуп Қырҭтәылагьы.  Уаҟа ишану ала, «Донецктәи, Херсонтәи, Лугансктәи,  Запорожтәи атәылаҿацәқәа аамҭала Урыстәыла ала импыҵахалоуп, уи Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еиланагоит».

Арезолиуциа аҳәынҭқаррақәеи аиҿкаарақәеи  зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит  Урыстәыла ала аннексиа аҽазкра иазхарымҵарц. Арезолиуциа иадымгылеит Урыстәылеи, Беларуси, Аҩадатәи Кореиеи, Сириеи Никарагуеи.

Ассамблеиа 35 алахәылацәа абжьыҭираан рҽааныркылеит.