12 километр аура змоу Рикоҭтәи амҩа даҽа хҵәахак аартуп, инеизакны аиҭаҵра ҟалоит 48 км амҩаду ала.
Рикоҭтәи амагистральтә мҩа аргылара ԥшьхҵәахак аҿы инагӡон – Чумаҭелеҭи-Хевии, Хеви-Убисеи, Убиса-Шорапании, Шорапани-Аргвеҭии ацыҧҵәахақәа рҿы. Рикоҭи амагистральтә мҩа аргылара апроект, аинџьныртә ганахьала Қырҭтәылаҿ зеиҧшҟамлац проектуп, абри аҩыза аинфраструктуратә проект ахаангьы имҩаҧгамызт. Рикоҭтәи апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, зынӡа идыргылоит 51 аҳаҧкылҵәақәеи 97 ацҳақәеи.
Аргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа – Европа Аинвестициатә банки (EIB), Адунеи абанки (WB), Азиатәи Аҿиара абанки (ADB) рфинанстә цхыраарала. Зынӡа аргыларатә усурақәа ирзоушьҭуп 2.6 миллиард лари, апроект хдыркәшараны иҟоуп 2024 шықәсазы.
Мрагылара-Мраҭашәаратә жәларбжьаратәи амагистральтә мҩа аҿиара Қырҭтәыла атранспорттә корридор аконкуренциалшара аизырҳара иацхраауеит. Амҩа ҿыц ала иаҳа ирацәаны аидара амҩангара ҟалоит, автотранспорт аиҭаҵра ашәарҭадара ахаҭабзиара еиҕьхоит, аныҟәаразы иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит.