Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациа ала, мрагыларатә Қырҭтәыла ԥхынгәы 21-23 рзы ишоурахоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ԥхынгәы 21-23 рзы Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 38-40 градус иаҟархоит, ашьхаҿ – 34-36 градус.
Аҳауа аԥхарра ашьҭыҵра иахҟьаны абнақәа рҿы амцакрақәа рцәырҵра ашәарҭа иазҳауеит.