Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа Украина азҵаара иахцәажәеит
Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа Украина азҵаара иахцәажәеит

Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа Украина азҵаара иахцәажәеит.

Ҭырқәтәыла ахада икоммуникациазы адиректорат аинформациа ала, Реџьеп Таип Ердоӷан Владимир путин ҭелла даниацәажәа, Амшын Еиқәа ачарыц иазку аԥшьгара аҿҳәара ацҵаразы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Ердоӷан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҭырқәтәыла  Урыстәылеи Украинеи реимак аҭынмчҩала аҭыԥқәҵара аҵак ду анаҭоит.

Иара убас, Ҭырқәтәыла ахада ишааицҳаз, Шәача ибжьаҵаз аекономикатә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра ала, аҩ тәылак ари ашьаҿа аҟаҵара рылшоит.