Ҭырқәтәылатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд Сҭамԥыл, ԥхынгәы 23-24 рзы мҩаԥгахар ҟалап
Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд Сҭамԥыл, ԥхынгәы 23-24 рзы мҩаԥгахар ҟалап, – аанацҳаит Independent Türkçe.
Акьыԥхь аинформациа ала, ҳазҭагылоу амчыбжь азы Сҭамԥыл, Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа мҩаԥгахоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аделегациақәа ахашаҽны ма ахәашаҽны рзы еиԥылоит. Адетальқәа макьана идырым.
Иҟоу адыррақәа рыла, аганқәа атехникатә зҵаарақәа ирыхәаԥшуеит: атҟәацәа реиҭныԥсахра, агуманитартә цхыраара, аинфраструктура ашәарҭадареи аҳәаа аҭышәынтәалареи.